Китаи абылраан 19-ҩык иҭахеит
Китаи абылраан 19-ҩык иҭахеит

Китаи ӡмасштаб ҭбаау абылраан 19-ҩык иҭахеит, ааҩык ахәрақәа роуит. Ибылуеит Пекин араионк.

Аҭыҧ аҿы амобилизациа рзуун 34 абылрацәыхьчаратә машьынақәа. Амца арцәара урҭ ҩсааҭк рышьҭахь рылшеит. Ахәрақәа зауз ауаа  ахәшәтәырҭақәа рахь инагоуп.

Аих рдыррақәа рыла, аполициа хаҭарнакцәа амца цразҵаз ацәгьауцәа ааныркылеит.