Британиатәи аих - Қырҭтәыла фмилаҭк аиҿкааҩцәа рықәыҕәҕәеит
Британиатәи аих - Қырҭтәыла фмилаҭк аиҿкааҩцәа рықәыҕәҕәеит

Уельси Қырҭтәылеи ртест матч ашьҭахь, британиатәи аих ргәы шаанаго ала, Қырҭтәыла иазааигәахеит фмилаҭк ртурнир

“14 ҩык арегбистцәа аиааира мариа агареи, Зеландиа аматч аҧхьа абзиабаҩцәа рыбла хнакра рҭахын, аха Уорен Геҭланд игәы иҭаз изыҟаимҵеит.”

“Қырҭтәыла аизга фмилаҭк рлига алаларазы ахатә позициақәа шьақәнарҕәҕәоит”.

Daily Mail

„Қырҭтәыла аизга Уельс ириааин, аҩбатәи атами аҿы ибзиаҵәҟьаны ахыхьчара алшеит”.

„Аҵахара иахәамҧшыкәа, Қырҭтәыла хықәкыс амоуп фмилаҭк ралалара“.

The Telegraph

 

„Қырҭтәыла регби аҭурых аҿы аҩбатәи асенсациа иазааигәахеит ( актәи  2015 шықәсазы имҩаҧысыз адунеитә чемпионат аан Иапониеи Ладахьтәи Африкеи реиҧылара акәын).

„Ари аматч ашьҭахь, фмилаҭк ртурнир аиҿкааҩцәазы анырра иазҳаит“.

„Хара имгакәа Уельс аиааира зыхьӡу ирхашҭны, Зеландиа ҿыц аматч иазхәыцроуп“.

The Guardian

„Ҧыхьатәи Асоветтә тәыоа аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа апрогресс ду шамоу иаҳнарбеит. Уажәы уи Аҩадатәи адгьылкәымпылбжа арегби аелита алалара иазықәҧоит. Амбициақәа змоу ақырҭцәа атестматч аан ахәмарра бзиа иддырбеит“.

„Уельс ас еиҧш цәгьылы шыхәмаруаз аӡәгьы игәы иаанагомызт“.

Кардиф, Уельс астадион хадаҿ имҩаҧысыз Қырҭтәылеи Уельси рматч ихыркәшеит 13:6 ҳәа.