Аргентина атәылахьчара министрра адыррақәа рыла, иӡыз амшынҵатәи аҕбантә асигнал роуит
Аргентина атәылахьчара министрра адыррақәа рыла, иӡыз амшынҵатәи аҕбантә асигнал роуит

Аргентина атәылахьчара министрра адыррақәа рыла, иӡыз амшынҵатәи аҕбантә асигнал роуит.

Асигнал 36 секунл инагӡон. Аха аимадара ашьақәыргылара рылымшеит.

Аминистррантә ишаарыҵҳаз ала, аргентинатәи аспециалистцәа америкатәи рколлегацәа рыцхыраара иазыҧшуп. Рымчқәа еидкыланы еилыркаароуп амшынҵатәи аҕба ахьыҟоу аҭыҧ.

Иӡыз амшынҵатәи аҕбаҿ 44-ҩык аекипаж алахәылацәа иҟоуп.

Амшынҵатәи аҕба абҵара 15 рзы иӡит. Аруаа уи аҧшаара иаҽуп, аха макьана акгьы рылымшеит.